Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Ереван ахада Тигран Аваниан диҧылеит.
Аиҳабыра радминистрациа аинформациала, аиҧылараҿы ҩ-тәылак реигәыларатә еизыҟазаашьақәеи еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы Қарҭи Еревани рыбжьара қәҿиарала имҩаҧысуа аусеицуреи иалацәажәеит. Аҧыза-министр иҳәамҭала, ақырҭуа аган, ҩ-тәылак рстратегиатә партниорра иаҳа арҿиареи асектортә хырхарҭала аусеицура арҭбаареи иазыхиоуп.