Иракли Кобахиӡе ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭыҧуаҩ дылҧылеит
Иракли Кобахиӡе ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭыҧуаҩ дылҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭыҧуаҩ, Азиеи Аокеан ҭынч арегиони ирызку аекономикатәи асоциалтәи комиссиа (ESCAP) анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Армида Салсиа Алисџьаҳбана дылҧылеит.

Армида Салсиа Алисџьаҳбана  Қарҭ даҭааит „Абырфынтә мҩа“ Қарҭтәи афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Аиҧылараҿы ESCAP аҟны қәҿиарала аусеицуреи апартниорра арҭбаара аперспективақәеи ирылацәажәеит.  

Иракли Кобахиӡеи Армида Салсиа Алисџьаҳбанеи 2030 шықәсанӡа иҭышәынтәалоу аҿиара аусхәаҧштәи иҭышәынтәалоу аҿиара ахықәкқәа рынагӡара иадҳәалоу азҵаарақәеи ирыхәаҧшит. Иаҵшьны иазгәаҭан ари ахырхарҭала Қырҭтәыла bамоу апрогресси  Қырҭтәыла имҩаҧысуа аинфраструктуратә проект дуқәаеи. Аиԥылараҿ ишазгәаҭаз ала, арҭ апроектқәа ирыбзоураны атәыла алогистикатә алшарақәеи атранзиттә потенциали иазҳауеит.