Иракли Кобахиӡе ЕАР аконференциа ихы алаирхәоит
Иракли Кобахиӡе ЕАР аконференциа ихы алаирхәоит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Туркменистан, Аваза ақалақьаҿ имҩаҧысуа ЕАР аконференциа ихы алаирхәоит, – аарыцҳаит аиҳабыра рдминистрациа аҟынтә.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, аконференциа рхы аладырхәоит Туркменистан ахада Сердар Бердымуҳамедови ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада Антонио Гутиереши.

“Аиҳабыра рнапхгаҩы аконференциа аартра ацеремониа ихы алаирхәит. Аконференциа аадртит Сердар Бердамуҳамедови Антонио Гутиереши.

Иракли Кобахиӡе иахьа аконференциаҿы дықәгылоит. Аԥыза-министр Қырҭтәыла астратегиатә ҭыҧи, Мрагылареи Мраҭашәареи еимыздо, амшынахь аҭыҵырҭа змам 8 ҳәынҭқаррак рыбжьара аимадара еиқәзыршәо атәыла аҳасабала Қырҭтәыла инанагӡо ароли далацәажәоит. 

Аконференциа алахәылацәа рҿаԥхьа дықәгылеит Туркменистан амилаҭтә лидер, Жәлар рхеилак ахантәаҩы Гурбангулы Бердымуҳамедови.

Туркменистан, Аваза ақалақьаҿ имҩаҧысуа ЕАР аконференциахь аԥыза-министр аделегациа ицны ддәықәлеит”, – иануп аинформациа аҿы.