Иракли Кобахиӡе - Атәыла анапхгара анаркотикатә ацәгьауреи анаркотикқәа рыҭиҩцәеи компромиссда ирҿагылоит
Иракли Кобахиӡе - Атәыла анапхгара анаркотикатә ацәгьауреи анаркотикқәа рыҭиҩцәеи компромиссда ирҿагылоит

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, ҳаҭыр зқәу Гека Гелаӡе даҽазнык ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп. Атәыла анапхгара анаркотикатә ацәгьауреи анаркотикқәа рыҭиҩцәеи компромиссда ирҿагылоит, – иҳәеит  – аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе иахьа имҩаҧгаз абрифинг аҿы. 

Аҧыза-министр 18-ҩык анаркотикқәа рыҭиҩцәа раанкылара афакт дазааҭгылан,  Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа ари аоперациа қәҿиарала амҩаҧгаразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.  

„Ҳаҭыр зқәу Гека Гелаӡе Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрс даныҟаҳҵоз, ҳара анаркотикатә ацәгьаура иаҿагыло ақәҧара аҧыжәара шамазаауа азы ҳаиқәшаҳаҭхеит, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр қәҿиарала ари амиссиа наигӡоит. Министрс даныҟаҳҵа инаркны мызкгьы мҵыцт, ари аамҭа иалагӡаны, иара, зеиҧшҟамлац ала ирацәаны  – 300 кьыла героин ааирҧшит, иахьагьы 18-ҩык анаркотикқәа рыҭиҩцәа аанкылоуп. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, ҳаҭыр зқәу Гека Гелаӡе даҽазнык ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп, иара убас, аминистр актәи ихаҭыҧуаҩ, ҳаҭыр зқәу Рони Месхигьы ҭабуп ҳәа иасҳәоит, иуадаҩӡаз аоперациа ҷыда иалахәыз аполицаицәеи аотриад ҷыда алахәылацәеи ҭабуп ҳәа расҳәоит, дара ари аоперациа аплан еиқәыршәаны, иҳаракӡоу аҩаӡараҟны инарыгӡеит. Атәыла анапхгара анаркотикатә ацәгьауреи анаркотикқәа рыҭиҩцәеи компромиссда ирҿагылоит. Ҳара,  ҳтәылауаа, ҷыдала ҳҿар ашҳам рыҭара  аӡәгьы азин иаҳҭом“, – иҳәеит аҧыза-министр.