Иракли Кобахиӡе - Ари, Европарламент иаднакылаз, абыжьбатәи ирԥхашьагоу арезолиуциоуп, уи азы аҭакԥхықәра ахахьы иаанагароуп Евроеидгыла абиурократиа
Ари, Европарламент аднакылаз, абыжьбатәи ирԥхашьагоу арезолиуциоуп, уи азы аҭакԥхықәра ахахьы агароуп Евроеидгыла абиурократиа, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе.
Кобахиӡе иацы Европарламент Қырҭтәыла аиазкны аднакылаз арезолиуциа дахцәажәеит.
„Ари, Европарламент аднакылаз, абыжьбатәи ирԥхашьагоу арезолиуциоуп, уи азы аҭакԥхықәра ахахьы агароуп Евроеидгыла абиурократиа. Анапхгарахь “аколлективтә амилаҭтә ҵысра” ахьаарымгаз азыҳәан, ақырҭуа жәлар рхьырхәра ԥхашьароуп. Арҭ ауаа аҭакԥхықәра иргароуп, иара убас 2004-2012 шш. рзы анапхгара иахьрыдгылоз азыҳәан. Усҟантәи анапхгара ауаа рыргәаҟра, арекет, ателехәԥшрақәа рамхра, атерриториақәа рцәыӡра иаҿын – Саакашвили ирежим ари зегьы иахьа ирԥхашьагоу арезолиуциақәа рыдкылара иаҿу абиурократцәа ирыбзоураны алшон”, – иҳәеит Кобахиӡе.
Европарламент Қырҭтәыла иазку арезолиуциа аднакылеит. Ари арезолиуциа 2023 – 2024 шықәсқәа ирыдҳәаланы Еврокомиссиа иҟанаҵаз аҳасабырбақәа ирызкуп. Адокумент иадгылеит 490-ҩык адепутатцәа, 147-ҩык иақәшаҳаҭымхеит, 49-ҩык рҽааныркылеит. Арезолиуциа ишану ала, «Европарламент даҽазнык ишьақәнарҕәҕәеит Қырҭтәыла аполитикатәи аконституциатәи кризис аҭыҧқәҵара шыҟало анеҩстәи амзақәа рзы иаҳа еиҕьу алхратә ҭагылазаашьақәа рыла аҿыц апарламенттә алхрақәа рымҩаҧгара мацарала».