Иракли Кобахиӡе - Алеқсандр Чиваӡе атәыла ашьапылампылтә ҭоурых аҧҵараҿы алагала ҷыда ҟаиҵеит
Иракли Кобахиӡе - Алеқсандр Чиваӡе атәыла ашьапылампылтә ҭоурых аҧҵараҿы алагала ҷыда ҟаиҵеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе алегендартә ашьапылампыласҩи азыҟаҵаҩи Алеқсандр Чиваӡе 70 шықәсатәи иубилеи идиныҳәалеит.  

Аиҳабыра рнапхгаҩы аиубилеитә усмҩаҧгатә аҿы данықәгылоз, Алеқсандр Чиваӡе ақырҭуа ашьапылампыл аҿиараҿы иҟаиҵаз алагала ду иазгәаҭаны, ҭабуп ҳәа иеиҳәеит.  

„Ҳаҭыр зқәу Алеқсандр Чиваӡе изы иҟазшьарбагаз ашьапылампылтә интеллект ду, иалкааз ихәмаршьа ухнамхыр залшом. Иара ақырҭуа ашьапылампылгьы Қарҭтәи  „Динамогьы“ алидерҵәҟьа иоуп. Атәыла ашьапылампылтә ҭоурых ду амазароуп, уи аҵакы ду амоуп, ҳаҭыр зқәу Саша Чиваӡе ари аҭоурых аҧҵараҿы алагала ҷыда ҟаиҵеит. Иахьа ҳшьапылампыл ақәҿиара дуқәа амоуп, ҳаҭыр зқәу Сашеи иҩызцәеи ари аус аҿгьы алагала ду ҟарҵеит.  

Ақырҭуа ашьапылампыли инеизакны ҳтәылеи азы иҟашәҵаз зегьы азы даҽазнык ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп”, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе. 

Алеқсандр Чиваӡе 70 шықәсатәи иубилеи идырныҳәалеит Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвилии, Қарҭ ахада Каха Калаӡеи, аспорт азы аминистр Шьалуа Гоголаӡеи. 

Аусмҩаҧгатә рхы аладырхәит ашьапылампыл аветеранцәеи аспорттә уаажәларра ахаҭарнакцәеи.