Иракли Кобахиӡе – 2028 шықәса анҵәамҭанӡа аусурҭадареи аҕарреи арбага 4 наӡынак иреиҵахароуп, абжьаратә аулафахәы 3500 лари еиҳахоит, уажәазы иҟоу аекономикатә азҳара аласра иазҧхьагәаҭаны иуҳәозар, ари ахықәкы анагӡара ҟалоит.
Иракли Кобахиӡе – 2028 шықәса анҵәамҭанӡа аусурҭадареи аҕарреи арбага 4 наӡынак иреиҵахароуп, абжьаратә аулафахәы 3500 лари еиҳахоит, уажәазы иҟоу аекономикатә азҳара аласра иазҧхьагәаҭаны иуҳәозар, ари ахықәкы анагӡара ҟалоит.

Мшаҧы азы  7,5 наӡына аекономикатә азҳара иҟан, ҧшьымзтәи азеиҧш арбага  8,8 наӡына иаҟароуп. Иракли Кобахиӡе иажәақәа рыла, 2022-2024 шықәсқәа рзы Қырҭтәылаҿ қьырала аусурҭа зауз ауаа рхыҧхьаӡара азҳаит 185 нызқьҩык рыла, уи алагьы иубарҭоуп аекономикатә азҳара ауааҧсыра рыҧсҭазашьа ишаныҧшуа, – иҳәеит иахьа имҩаԥгаз аиҳабыра реилатәара аҿы Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе.

Иракли Кобахиӡе иажәақәа рыла, 2022-2024 шықәсқәа рзы Қырҭтәылаҿ қьырала аусурҭа зауз ауаа рхыҧхьаӡара азҳаит 185 нызқьҩык рыла, уи алагьы иубарҭоуп аекономикатә азҳара ауааҧсыра рыҧсҭазашьа ишаныҧшуа.  

2022-2024 шықәсқәа рзы, хышықәса ирылагӡаны,  Қырҭтәылаҿ қьырала аусурҭа зауз ауаа рхыҧхьаӡара азҳаит 185 нызқьҩык рыла, қьырала аус зуа ауаа рулафахәы азҳаит 1300 лари аҟынтә 2217 лари аҟынӡа.  Уи алагьы иубарҭоуп атәылаҿы  аекономикатә азҳара ауааҧсыра рыҧсҭазаашьа ишаныҧшуа. Уажәазы акоуп ихадоу, абри аҩыза аласрала ҧхьаҟацара наҳагӡароуп. Ҳара ҳзы  ахадаратә ҵакы змоу амилаҭтә аҳасабтәқәа иреиуп атәылаҿы аҕарра аҧыхра, уи азыҳәан аекономикатә азҳара ахадаратә ҵакы амоуп. Убри аҟынтә, наҟ-наҟгьы аекономикатә азҳара аласра еиқәҳаршәарц азыҳәан, ари азҵаара хшыҩзышьҭра ду азуны аус аауроуп. 

Ҳара аконкреттә хықәкқәа ҳамоуп. аиҳабыратә программа инақәыршәаны, 2028 шықәса анҵәамҭанӡа аусурҭадареи аҕарреи арбага 4 наӡынак иреиҵахароуп, абжьаратә аулафахәы 3500 лари еиҳахароуп. Уажәазы иҟоу аекономикатә азҳара аласра иазҧхьагәаҭаны иуҳәозар, ари ахықәкы анагӡара ҟалоит ҳәа сгәы иаанагоит, егьирахь, ҳара ҳауп зегьы зхьыҧшу”, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.