Иракли Кобахиӡе - 2012 шықәса инаркны иахьанӡа анхарҭа ҿыцқәа роуит 39 000 ихҵәоу аҭааацәара, ри ахырхарҭа абиуџьет  25 миллион аҟынтә  240 миллионынӡа иазҳаит
Иракли Кобахиӡе - 2012 шықәса инаркны иахьанӡа анхарҭа ҿыцқәа роуит 39 000 ихҵәоу аҭааацәара, ри ахырхарҭа абиуџьет  25 миллион аҟынтә  240 миллионынӡа иазҳаит

2012 шықәса инаркны иахьанӡа анхарҭа ҿыцқәа роуит 39 000 ихҵәоу аҭааацәара, уи алагьы иубарҭоуп атәыла анапхгара ҿыц ахҵәацәа ҽакала ишрызныҟәо, –  иҳәеит аҧыза-министр Қәҭешь ихҵәоу аҭаацәарақәа ҿыц иргылоу акорпусқәа рҿы ауадақәа рыҭара ацеремониаҿ данықәгылоз.

Аҧыза-министр ахҵәацәа рыцхраара иазку абиуџьет аизырҳара далацәажәан, ишиҳәаз ала, ари ахырхарҭа абиуџьет  25 миллион аҟынтә  240 миллионынӡа иазҳаит.

“Иахьа имҩаҧысуа апроектқәа зеиҧшҟамлац амҽхак рымоуп. Аамҭакала 5 қалақьк рҿы, – Қәҭешьи, Қарҭи, Русҭавии, Жәыргьыҭи, Борџьомии зқьыла ихҵәоу аҭаацәара рзы анхарҭа ҿыцқәа рыргылара ҳаҿуп. Инеизакны абри зегьы иазоушьҭуп 6 000 000 лари. „Ақыҭан аҩны“ апроектгьы қәҿиарала имҩаҧысуеит, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны 12 000 аҭаацәара агәареи  адгьылҭыҧи зцу ахатә ҩнқәа аархәахьеит“, –  иҳәеит аҧыза-министр.  

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе ахҵәацәа  анхарҭа ҿыцқәа раиура рыдныҳәаланы, ишиҳәаз ала, ари ашьаҿагьы ибзианы иаанарҧшуеит Қырҭтәыла анапхгара ахҵәацәа ишрызныҟәо.