Иракли Кобахиӡе - Ҳтәыла аҿаҧхьа иқәгылоу апроблемақәа аҵыхәанӡа рыӡбаразы  иҵегьы амчқәа ҳҭахуп, аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аиҳабы иаҳасабала, Мамука Мдинараӡе ари аус аҿы алагала ду ҟаиҵар илшоит

Қырҭтәыла апарламент Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аиҳабы иҭыԥ азы Мамука Мдинараӡе икандидатура адаҳгалоит, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе имҩаԥгаз абрифинг аҿы.

Аԥыза-министр иажәақәа рыла, Мдинараӡе азинхьчаратә усҳәарҭақәа рҿы кыршықәсатәи аԥышәа имоуп.

„Иҳаҩсыз амзақәак ирылагӡаны ҳара акриминалцәа ирҿагыло ақәҧара аганахьала акрызҵазкәа аҳасабтәқәа ҳаман. Еиуеиҧшым ацәгьаурақәа рыҿагыларазы акрызҵазкәа ашьаҿақәа ҟаҵан, акоррупциеи, анаркоацәгьауреи, еиҿкаау ацәгьауреи ахырхарҭалагьы. Алҵшәа бзиақәа шыҟоугьы, ҳтәыла аҿаҧхьа иқәгылоу апроблемақәа аҵыхәанӡа рыӡбаразы  иҵегьы амчқәа ҳҭахуп. Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аиҳабы иаҳасабала, Мамука Мдинараӡе ари аус аҿы алагала ду ҟаиҵар илшоит. Агәра ганы сыҟоуп апарламент Мамука Мдинараӡе икандидатура ишадгыло“, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.