Иракли Ҕарибашвили  зыҩаӡара ҳараку аекономикатә форум ашҟа ддәықәлеит
Иракли Ҕарибашвили зыҩаӡара ҳараку аекономикатә форум ашҟа ддәықәлеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Катар имҩаҧысуа аекономикатә форум ихы алаирхәоит. Қырҭтәыл аҧыза-министр ипрессмаҵзура аинформациа ала, аԥыза-министр Катар иахьа ддәықәлеит.

“Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Катар имҩаҧысуа аекономикатә форум ихы алаирхәоит, уаҟа уи апанельтә дискуссиаҿы дықәгылоит.

Аԥыза-министр дызхагылоу аделегациа иалоуп Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Қырҭтәылa Аекономикеи ишьaқәгылоу aҿиaреи рминистр Леван Давиҭашвили,  Қырҭтәылa aдәныҟaтәи aусқәa рминистр Илиа Дарчиашвили, Аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡе, Аҷара автономтә республика ахантәаҩы Ҭорнике Рижваӡе,” – иануп Қырҭтәыл аҧыза-министр ипресс-маҵзура аинформациа аҿы.