Иракли Ҕарибашвили Жәларбжьаратәи ашәаҩатә федерациа ахада диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Жәларбжьаратәи ашәаҩатә федерациа ахада диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили жәларбжьаратәи ашәаҩатә федерациа ахада Иоганн Елиаш диҧылеит. 

Аиҧылараҿы иалацәажәеит Бакуриани афристаили, асноуборди, фриски азы 2023 шықәсатәи адунеи ачемпионат амҩаҧгара апроцесс. Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла, аӡынтә спортаҿ абас зымҽхак дуу аспорттә аицлабрақәа раҧхьаӡа акәны имҩаҧысуеит. Аицлабрақәа ирылахәып  42 ҳәынҭқаррақәа рҟынтә  700 раҟара аспортсменцәа. Ачемпионат иалахәы ақырҭуа спортсменцәа алшара бзиа рымоуп ҳаҧхьа рхы иадырхәаша аҧышәа бзиа аиуразы. 

Аиҧылара алахәылацәа Қырҭтәыла аиҳабыра рыцхыраарала Бакуриани имҩаҧгаз аинфраструктуратә проектқәа ирылацәажәеит. Ачемпионат аҳәаақәа ирҭагӡаны иргылан ашахамҩа ҿыцқәа хҧа, ф-трассак аханатә еиҿкаан. Иара убас, 30 километр ацыҧҵәахаҿы ишьақәыргылан европатәи астандартқәа ирышьашәалоу иҧсабаратәым асы ақәҵаратә ҳаамҭазтәи асистема.