Иракли  Ҕарибашвили  Шарль  Мишель диҧылеит
Иракли  Ҕарибашвили  Шарль  Мишель диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, Бриуссель ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Европа Ахеилак ахада Шарль Мишель диҧылеит.

Ишиашо аформат аҿы имҩаҧгаз аиҧылараан Қырҭтәылеи Евроеидгылеи русхәаҧштә иаҵанакәа ахадаратә зҵаарақәа зегьы ирылацәажәеит. Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа, Мрагыларатә партниорра асаммит аполитикатә декларациаҿы Қырҭтәылазы зҵакы дуу азҵаарақәа раарҧшра ҵакы иазааҭгылеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәылазы аҵакы ду амоуп Евроеидгыла иаку аџьармыкьашҟа етапла аинтеграциеи аенергетикатәи арыцхәтәи аимадарақәа рырҕәҕәареи.

Иракли Ҕарибашвили Шарль Мишель ҭабуп  ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла европатәи интеграциа апроцесс аҿы хаҭала иара иҟаиҵаз алагала ду азыҳәан. Аиҳабыра ранапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы европатәи интеграциа иақәшаҳаҭуп, 2024 шыәсазы аофициалтә азыҳәамҭа аҟаҵара иазку Қырҭтәыла аиҳабыра рплан абри ахықәкы анагӡара ауп изызку.

Иара убас, аиҧылараҿы иазааҭгылеит атәылаҿ имҩаҧысуа ареформақәеи урҭ рырҕәҕәара аҵаки.