Иракли Ҕарибашвили Они иҟоу Атәылаҿацәҭҵааратә музеи ибеит
Иракли Ҕарибашвили Они иҟоу Атәылаҿацәҭҵааратә музеи ибеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Они иҟоу Атәылаҿацәҭҵааратә музеи ибеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы Атәылаҿацәҭҵааратә музеи ахыбра ҿыц ибеит.

Имҩаҧгоу аусурақәа ирызкны аҧыза-министр изеиҭеиҳәеит Қырҭтәыла Амилаҭтә музеи агенералтә директор Давиҭ Лордқьиҧаниӡе.

Аҧыза-министр иӡбарала, Они иҟоу амузеи аибыҭаразы аус еицыруеит Қырҭтәыла Амилаҭтә музеии Амуниципалтә аҿиара афонди, уи азыҳәан абиуџьет аҟынтә иацҵаны аҧара рзоурыжьҭуеит. Уажәазы, ихиаалоу аконцепциа инақәыршәаны, иашьашәалоу апроект аус адулара иаҿуп.

Они Атәылаҿацәҭҵааратә музеи аргыларатә усурақәа хыркәшан 2022 шықәсазы. Уажәы, ҳаамҭазтәи астандертқәа ирышьашәалоу амузеи ахыбраҿ иазҧхьагәаҭоуп еснагьтәи аекспозиациеи аамҭалатәи ацәыргақәҵеи ирызку ҩ-еихагылактәи азалқәеи, афондшьҭаҵарҭеи, асценеи аиҭагаратә уадеи рыла аконференциатә зали аиқәыршәара. Амузеиаҿ абиблиотекеи амедиатекеи рзы ақәыҧшылареи, ахәыҷтәы арккаратә зонеи, ацәыргақәҵатә администрациеи, афондшьҭаҵарҭақәеи, ацхыраагӡатә уадақәеи иҟоуп.

Аргыларатә усурақәа раан рхы иадырхәит аҭыҧантәи аҧсабаратә ахаҳәи амҿытә материалқәеи. Ахыбраҿы зылшарақәа маҷу ауааҧсыра ирзыманшәалоу аҭагылазаашьақәа зегьы еиқәыршәоуп.

Они иҟоу Атәылаҿацәҭҵааратә музеи ахыбра ҿыц апроект аиқәыршәареи аргылареи азы Қырҭтәыла аиҳабыра инырхит 5.5 миллион лари.

Амузеиаҿ ишьҭоуп акыршықәса рыҩныҵҟа еизгаз зҵакы дуу ауникалтә артефактқәа. Амузеи ҿац асахьала, Қырҭтәыла аиуит акультуратәи, арккаратәи, еиуеиҧшым ауснагӡатәқәа рынагӡаразы иманшәалоу даҽа қәыҧшыларак.

Аҧыза-министр ицны амузеиаҿ иҟан анагӡаратәи, азакәанҧҵаратәи, аҭыҧантәи мчра ахаҭарнакцәа.