Иракли Ҕарибашвили Олаф Шольц диԥылеит
Иракли Ҕарибашвили Олаф Шольц диԥылеит

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Германтәылатәи афедеративтә республика аканцлер Олаф Шольц диҧылеит.

Аиҧылараҿы аганқәа Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, Германтәыла наҟ-наҟгьы Қырҭтәыла ахадаратә адәныҟа-политикатә хықәкқәа рыдгылара нанагӡап ҳәа дгәыҕуеит.

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Олаф Шольц инарҭбаау аинформациа ииҭеит Евроеидгыла абжьагарақәа рынагӡаразы Қырҭтәыла имҩаҧнаго аусура иазкны.

Аиҳабыра рнапхгаҩы Германтәыла аканцлер ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи, азхаҵамра аполитикеи адгыларазы.

Ишазгәаҭаз ала, сынтәа, хәажәкыразы, Берлинтәи адунеитә атуристтә фестиваль – “ITB Berlin” аҿы Қырҭтәыла аҧшәмара амазаауеит. Аҧыза-министр Германтәыла афедеративтә республика аканцлер Қырҭтәылаҟа дааиҧхьеит.