Иракли Ҕарибашвили инапхгарала акоординациатә хеилак актәи еилатәара мҩаҧгахоит
Иракли Ҕарибашвили инапхгарала акоординациатә хеилак актәи еилатәара мҩаҧгахоит

Қырҭтәыла Аиҳабыра радминистрациаҿ Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгара аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак актәи еилатәара мҩаҧысуеит.

Ари атәы аарыцҳаит Аиҳабыра радминистрациа аҟынтә.

Ахеилак еилатәара асааҭ 11:00 рзы алагоит.

Аҧыза-министр  Иракли Ҕарибашвили апарламент аҿы ақәгылараан ишиҳәаз ала,  аҧкрақәа раҧыхра иазку аӡбара рыдыркылоит ҳазну амчыбжь азы имҩаҧысуа Акоординациатә  хеилак  аилатәараҿы.