Иракли  Ҕарибашвили – Ҳтәылауаа ацәгьара рзызуа ауаа зегьы ахьырхәра рыҭазароуп, закәандарала иаанкылоу ауаа зегьы, Заза Гахелаӡеи Иракли Бебуеи инрылаҵаны, рхы иақәиҭзароуп, ҳара абри ахырхарҭала аус аауеит

Жәларбжьаратә аҩаӡараҟны   ампыҵахалара аҿагылареи азхаҵамра аполитикеи   иаҳа-иаҳа иҕәҕәахоит.  Абри аганахьала қәҿиарала аус аауеит. Ҳтәылауаа ацәгьара рзызуа ауаа зегьы ахьырхәра рыҭазароуп, закәандарала иаанкылоу ауаа зегьы, Заза Гахелаӡеи Иракли Бебуеи инрылаҵаны, рхы иақәиҭзароуп, ҳара абри ахырхарҭала аус аауеит, — иҳәеит Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили апарламент аҿы данықәгылоз.

Аҧыза-министр,  импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирықәынхо ауааҧсыра апандемиа аан ироуз цхыраара далацәажәеит.

«Импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирықәынхо ауааҧсыра  —  ҳтәылауаа роуп, ҳара урҭ ҳреиҷаҳароуп.  Апандемиа аан ҳареи ҳпартниорцәеи еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла ҳрыцхраауан,  4 миллион лари рыхә амедицинатә аибыҭара раҳҭеит.  1500ҩык раҟара иҳахәшәтәит. Аиҟәшаратә цәаҳәа иазааигәаны инхо ауааҧсыра рзы  аинфраструктуратәи, асоциал-економикатәи, амедицинатәи, аҵаратәи программақәа мҩаҧаагоит», — иҳәеит Аҧыза-министр.