Иракли Ҕарибашвили – Ҳажәлар срывагыланы, ҳиункерцәа ҳаҭырла исгәаласыршәоит, ҳаҧсадгьыл аҭынчреи, акзаареи, аҿиареи азеиҕьасшьоит
Иракли Ҕарибашвили – Ҳажәлар срывагыланы, ҳиункерцәа ҳаҭырла исгәаласыршәоит, ҳаҧсадгьыл аҭынчреи, акзаареи, аҿиареи азеиҕьасшьоит

«Ҳажәлар срывагыланы, ҳиункерцәа ҳаҭырла исгәаласыршәоит, ҳаҧсадгьыл аҭынчреи, акзаареи, аҿиареи азеиҕьасшьоит», — иҩит аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Facebook аҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла ахьыҧшҧымра азықәҧара инагӡоит.

«Иахьа ҳара Қырҭтәыла ахақәиҭра зхы ақәызҵаз аиункерцәа ҳаҭырла иҳгәалаҳаршәоит. Дара зегьы реиҳа зыхә дуу – рыҧсҭазаара рыҧсадгьыл ақәырҵеит, игыло абиҧара ҧсра зқәым аҿырҧштәы рзаанрыжьит.  Қырҭтәыла ахьыҧшымразы дара излагаз ақәҧара иахьагьы инагӡоит.  Ҳазынтәгьы ҳасабтәс иҳамоуп ҳтәыла аидҵареи,  ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаара арҕәҕәареи, азеиҧш европатәи ҭаацәарашҟа ахынҳәреи», — азгәеиҭеит аҧыза-министр.