Иракли Ҕарибашвили – Ҳара қәҿиарала абжьацәажәара апрецедент аҧаҳҵеит, Қырҭтәыла ҳаҧхьаҟагьы активла ари ароль нанагӡоит Шәамахьатәылеи Азербаиџьани рыбжьара
Шәамахьтәыла свизит қәҿиарала имҩаҧысит. Ишыжәдыруа ала, сара арегион аҿы аусеицуразы аплатформа ҿыц аҧҵара аинициативала сықәгылеит. Абри аплатформа аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҳара, х-тәылак, аусеицура ҳалагоит. Қырҭтәыла ари апроцесс аҿы ароль ду нанагӡоит, — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Баҭым ажурналистцәа данрацәажәоз.
«Ҳара, ҧхынгәы азы, қәҿиарала абжьацәажәара апрецедент аҧаҳҵеит, Шәамахьтәылеи Азербаиџьани рлидерцәа рҟны ҳаиқәшаҳаҭны, атҟәацәа рхақәиҭтәреи Азербаџьан ахсаалақәа аҭареи ҳалшеит. Сара абри ахырхарҭа даара сазҿлымҳауп. Свизит аан арегион аҿы ҳусеицура ҳалацәажәеит. Қырҭтәыла ҳаҧхьаҟагьы, абжьацәажәаҩ ироль активла инанагӡоит», — иҳәеит аиҳабыра рнапхгаҩы.