Иракли Ҕарибашвили – ЕАР Амаӡаныҟәгаҩ хадеи сареи ахырҳагара злоу аиҧылара мҩаҧаагеит
ЕАР Амаӡаныҟәгаҩ Хада Антониу Гутиереши сареи ахырҳагара злоу аиҧылара мҩаҧаагеит, — иҩит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Twitter аҿы.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, аиҧылараҿы аҭынчмҩала аимак аҭыҧқәҵареи урыстәылатәи ампыҵахалара азҵаареи иалацәажәеит.
«Сара ЕАР саҭабууп ари апроцесс иахьалахәы азыҳәан», — иҩит Қырҭтәыла аҧыза-министр.