Иракли Ҕарибашвили Давостәи аекономикатә форум далахәып
Иракли Ҕарибашвили Давостәи аекономикатә форум далахәып

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Давостәи аекономикатә форум далахәып. 

Аекономикатә форум алахәылацәа рҿаҧхьа адныҳәаларатә ажәала иқәгылеит афорум ашьаҭаркҩы Клаус Шваби, Швеицариатәи аконфедерациа ахада Ален Берсеи,  Украина актәи аледи  Олена Зеленскаиеи, Еврокомиссиа ахада Урсула фон дер Лаиени, Китаитәи жәлартә республика авице-ахада Луи Ҳими.