Иракли Ҕарибашвили аоппозициаа ирызкны  -  Ахалагәаҧхаҩцәа ачартертә реис ала рдәықәҵаразы аҳәара ҟарҵеит, уи  ишиашо аибашьра аҽалархәра ауп иаанаго, уи ҳтәыла иаҧырхагоуп, ҳтәыла аинтересқәа ирышьашәалам
Иракли Ҕарибашвили аоппозициаа ирызкны  -  Ахалагәаҧхаҩцәа ачартертә реис ала рдәықәҵаразы аҳәара ҟарҵеит, уи  ишиашо аибашьра аҽалархәра ауп иаанаго, уи ҳтәыла иаҧырхагоуп, ҳтәыла аинтересқәа ирышьашәалам

«Ҳтәылауаа ирдыруазар сҭахуп, асанциақәа инарываргыланы, дара ачартертә реисқәа рдәықәҵарагьы иҳаҳәеит,   «Амилаҭтә ҵысра» ахалагәаҧхаҩцәа арҭ ареисқәа рыла идәықәлар рҭахын.  Абри зегьы ишиашо ицо аефир аҿы  аужьҭра ргәы иҭан», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили апарламент аҿы, уаҟа аиҳабыра рнапхгаҩы изыӡырҩуеит аинтерпеллиациа аформат аҿы.

Иракли  Ҕарибашвили  иажәақәа рыла, усҟан иарбан тәылазаалак, абри аҩыза аӡәгьы иҟаиҵомызт, уи еиҳангьы, еиуеиҧшым аҳәынҭқаррақәа рнапхгаҩцәа ртәылауаа ирыҳәон дара хаҭала аибашьра рҽаларымгаларц.

«Қырҭтәыла аиҳабыра роуп ачартертә реисқәа рзы азин рызҭо.   Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп,   усҟан иарбан тәылазаалак, абри аҩыза аӡәгьы иҟаиҵомызт, уи еиҳангьы,  Америка, Британиа, Франциа уҳәа,  еиуеиҧшым аҳәынҭқаррақәа рнапхгаҩцәа ртәылауаа рахь ааҧхьара ҟарҵон дара хаҭала аибашьра рҽаларымгаларц.  Убри аамҭазы арҭ ауаа иҳаҳәон ачартертә реисқәа рыла ахалагәаҧхаҩцәа дәықәаҳҵарц, уи ишиашо аибашьра аҽалархәра ауп иаанаго, ҳтәыла иахьагьы импыҵахаланы ишыҟоу здыруа ауаа роуп уи ҟазҵоз. Уи ҧырхага дууп, ҳтәыла аинтересқәа ирышьашәалам », — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.