Аоппозициаа рдилерцәа акциашҟа инеит
Аоппозициаа рдилерцәа акциашҟа инеит

Аоппозициаа рдилерцәа Русҭавели имҩаду аҿы имҩаԥысуа аҿагыларатә акциашҟа инеит.

Гьаргь Вашаӡе, Елене Хоштариа, Леван Бежашвили, Ҭамар Корӡаиа, Гьаргь Ботковели, Серги Чихлаӡе амитинг аҿы иҟоуп, урҭ апарламент ахԥатәи аԥхьарала аднакылаз “Атәым нырра аартызаара иазку” азакәан иаҿагылоит.

Аоппозициаа ражәақәа рыла, ари азакәан Қырҭтәыла евроинтеграциа иаԥырхагахоит.

Апарламент иаҵанакуа аҵакыраҿ имҩаԥысуа акциа иахҟьаны аҭыԥ аҿы амобилизациа рзууп азакәанхьчаҩҵәа.