Иракли Бераиа, Братислава, Словакиа Атәылахьчара аминистрра аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ диҧылеит
Иракли Бераиа, Братислава, Словакиа Атәылахьчара аминистрра аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ диҧылеит

Қырҭтәыла апарламентаҿ иҟоу атәылахьчара акомитет ахантәаҩы Иракли Бераиа, Братислава, Словакиа Атәылахьчара аминистрра аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ диҧылеит.

Иракли Бераиа асоциалтә аҳаҿы ишиҩыз ала, аиҧылараҿы иазааҭгылеит Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы аҭагылазаашьа.

«Братислава Словакиа Атәылахьчара аминистрра аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ҳаиҧылеит. Ҳара арегионаҿ ашәарҭадара аҭагылазаашьеи, Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы аҭагылазаашьеи, Евроеидгылеи НАТОи рахь аинтеграциа апроцессаҿ ҳтәыла апрогресси, Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрраҿ имҩаҧысуа ареформақәеи, атәылахьчара аусхкы аҿы ҩ-тәылак русеицуреи ҳалацәажәеит», — иҩит  Иракли Бераиа.