Иракли Ӷарибашвили Швеицариатәи аконфедерациа Амилаҭтә хеилак ахада дылҧылеит
Иракли Ӷарибашвили Швеицариатәи аконфедерациа Амилаҭтә хеилак ахада дылҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Швеицариатәи аконфедерациа Амилаҭтә хеилак ахада Ирен Қелин дылҧылеит.  

Аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-ганктәи, иара убас, аганрацәалатәи форматқәа рҿы Қырҭтәылеи Швеицариеи реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, ҩтәылак қәҿиарала аус еицыруцеит еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла, урҭ рыбжьара, аполитикатәи, аеокномикатәи, апарламентбжьаратәи усхкқәа рҿгьы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы швеицариатәи аган ҭабуп ҳәа реиҳәеит Қырҭәтыла ахьыҧшымреиа ҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы. Аҧыза-министр даҽазнык ишьақәыирҕәҕәеит атәыла аиҳабыра аҭынчмҩала аимакқәа рҭыҧқәҵара аполитика ишазгәыку.  Иара убас, аиҧылара алахәылацәа наҟнаҟ аусеицура арҭбааразы иҟоу аперспективақәеи зыҩаӡара ҳараку аиҧыларақәа рҵаки иазааҭгылеит.