Бриуссель авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Нато амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг диԥылеит.
Аиԥылараҿ иазгәаҭан Қырҭтәыла адәныҟатәии ашәарҭадаратәи политикаҿ иприоритету евроатлантикатә ашьҭазаара аҵакы.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгеиҭаз ала, евроатлантикатә интеграциа апроцесс аҿы Қырҭәтылеи Алианси русеицура аҵакы ду амоуп, уи абзоурала, Қырҭтәыла, аинтеграциа апроцесс аҿы иҟоу апрактикатә хархәагақәа зегьы қәҿиарала ахы анархәоит.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иазгәеиҭеит евроатлантикатә аинтеграциа апроцесс аҿы алианси Қырттәылеи русеицура ӷәӷәа, алианс ахь аинтеграциа амҩаҿ имҩаԥгаз ареформақәа рҵакы.
Амаӡаныҟәгаҩ хада иҟны аиԥылараҿ аганқәа иахцәажәеит Мадрид имҩаԥысран иҟоу Нато асаммит аҽазыҟаҵаратә азҵаарақәеи азыԥшрақәеи, ҷыдала иазааҭгылеит Алианс апартниор ҳасабала Қырҭәтыла инанагӡо ароли, иара убас, аглобалтә шәарҭадара аиқәыршәара апроцесси Амшын еиқәа ашәарҭада аиқәыршәареи аҿы қырҭәтыла контрибуциа ду.
Алианс амаӡаныҟәгаҩ хада даҽазнык шьақәирӷәӷәеит Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи шрыдгыло.