Иракли Ӷарибашвили иахьа аҳәынҭқарратә визитла Ҭырқәтәыла ддәықәлоит
Иракли Ӷарибашвили иахьа аҳәынҭқарратә визитла Ҭырқәтәыла ддәықәлоит

Қырҭтәыла Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили иахьа аҳәынҭқарратә визитла Ҭырқәтәыла ддәықәлоит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы Анкара Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоӷан диԥылоит

Ҭырқәтәыла ахада иҟны ишиашоу еиԥылара ашьҭахь еиԥылара мҩаԥысуеит ирҭбаау аформат аҿы.

Иракли Ӷарибашвилии Реџьеп Таип Ердоӷани аҳәамҭақәа еицыҟарҵоит.

Ҭырқәтәыла аҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәыла Аԥыза-министр Мустафа Қемал Аҭаҭурқ инышәынҭра ашәҭқәа шьҭеиҵоит.

Қырҭтәыла аделегациа иалоуп: Қырҭтәыла вице-аԥыза, Адәныҟатәи аусқәа рминистр ДАвид Залкалиан, Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рминистр Наҭа Ҭурнава, Аԥсабарахьчареи ақыҭанхамеи рминистр Леван Давиҭашвили, Аҷара аиҳабыра рхантәаҩы Ҭорнике Рижваӡе, Аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Илиа Дарчиашвили.