Иракли Ӷарибашвили - Ҳшьаҿа цыԥхьаӡа хықәкыс иамоуп ҳтәыла акзаара аидеиа ду анагӡара, иҟаҳҵо зегьы ҳажәлар ринтересқәа рзы иҟаҳҵоит
Иракли Ӷарибашвили - Ҳшьаҿа цыԥхьаӡа хықәкыс иамоуп ҳтәыла акзаара аидеиа ду анагӡара, иҟаҳҵо зегьы ҳажәлар ринтересқәа рзы иҟаҳҵоит

Ҳшьаҿа цыԥхьаӡа хықәкыс амоуп ҳтәыла акзаара аидеиа ду анагӡара, иҟаҳҵо зегьы ҳажәлар ринтересқәа рзы иҟаҳҵоит, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили.

Иракли Ӷарибашвили ишазгәеиҭаз ала, анапхгара ршьаҿа цыԥхьаӡа хықәкыс амоуп атәыла акзаара аидеиа ду анагӡара.

Аԥыза-министр, нанҳәатәи аибашьра ашьҭахь Урыстәылаҟны аекономикатә еизыҟазаашьақәа ихымԥадоуп ҳәа зҳәоз, аурыс туристцәа Қырҭтәыла аҳәааҿ ирԥылоз, аха иахьа аԥырақәа реиҭашьақәыгылара иаҿагыло  аоппозициаа акритика рзиуит.

„Иахь иҳарҳәоит, Украина аибашьра цоит, убри аҟынтә аҭагылазаашьа ҳарцәгььароуп, аекономика, ахәаахәҭра мап рцәышәкроуп ҳәа ҳарҳәоит. Ҳшьаҿа цыԥхьаӡа хықәкыс амоуп ҳтәыла акзаара аидеиа ду анагӡара, иҟаҳҵо зегьы ҳажәлар ринтересқәа рзы иҟаҳҵоит. Ари, альтернатива змам, ииашоу, апрагматикатә, амилаҭтә политикоуп, иҟаҳҵо зегьы ҳажәлар ринтересқәа рзы иҟаҳҵоит, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили.