Иракли Ӷарибашвили Европа ахеилак ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара акомиссар Дуниа Миатович дылԥылеит
Иракли Ӷарибашвили Европа ахеилак ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара акомиссар Дуниа Миатович дылԥылеит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Европа ахеилак ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара акомиссар Дуниа Миатович дылԥылеит.

Аԥыза-министр ипрессмаҵзура аинформациа ала, аиҳабыра радминистарциаҿ имҩаԥгаз аиԥылара аҿы аҵыхәтәантәи аамҭазы ауҩытәыҩса изинқәа рыхьчара амилаҭә механизм арӷәӷәара ахырхарҭала Қырҭтәыла аиҳабыра иҟанаҵаз ашьаҿақәа ирыхәаԥшит.

Аԥыза-министр иажәақәа рыла, Қырҭтәыла ауаҩытәыҩса ашьаҭатә изинқәеиахақәиҭрақәеи гәык ала ирзыҟоуп, ари Қырҭтәыла аконституциала ихьчоуп.

Иазгәаҭан адискриминациа аформақәа раԥыхра азы, акымкәа ареформақәа шымҩагаз. Иара убас аиԥылараҿ иазааҭгылеит 2012 шықәса рышьҭахь ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара ахырхарҭаҿ иҟоу апрогресс. Иазгәаҭан, аҵыхәҭәантә 10 шықәса рыҩнуҵка ари ахырхарҭала аҭагылазаашьа шыԥсаххаз.

Аԥыза-министри Европа ахеилак ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара акомиссари иазгәарҭеит ауаҩытәыҩа изинқәа рыхьчара аганахьала импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьа цәгьа шыҟоу.