Иракли Ӷарибашвили  - Евроеидгылаҟны авизадатә режим аиуразы аџьаба ду ҳбеит
Иракли Ӷарибашвили - Евроеидгылаҟны авизадатә режим аиуразы аџьаба ду ҳбеит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили аиҳабыра иахьатәи аилатәараҿ Евроеидгылаҟны авизадатә режим шьақәгылеижьҭеи хәышықәсатәи аиубилеи инамаданы ари аус аҿы алагала змаз зегьы иҭабуп ҳәа раиҳәеит.

„Ауааԥсыра иргәаласыршәар сҭахуп ари апроцесс 2013 шықәсазы шалагаз, усҟан авизадатә режим ауснагӡатә план ҳауит. Аиҳабыра аинтенсивтә усура мҩаԥнагеит. 2015 шықәса ԥхынҷкәын азы апроцесс ҳыркәшан, хара имгакәа авизадатә режим ала анеиааира ҳалшеит.  Иҳаҩсыз хәышықәса ирылагӡаны, хәышәнызқьҩык Қырҭтәыла атәылауаа авизадатә режим рхы иадырхәит,” – иҳәеит Ӷарибашвили.