«Дональд Туск Польша аԥыза-министрс дахьалырхыз гәык-ԥсык ала идысныҳәалоит», — асоциалтә каҭаҿы иҩит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили.
Иракли Ӷарибашвили ишазгәеиҭаз ала, Евроеидгыла алалара амҩаҿ Қырҭтәыла Польша адгылара азыԥшуп.
«Дональд Туск Польша аԥыза-министрс дахьалырхыз гәык-ԥсык ала идысныҳәалоит. Ҳтәылақәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәразы аусеицура шынагӡахо ҳақәгәыӷуеит. Евроеидгыла алалара амҩаҿ Қыртҭәыла адәныҟатәи аполитика анагӡаразы Польша адгылара ҳа́зыԥшуп”, – иҩит Қырҭтәыла аԥыза-министр.