Хәажәкыра 16 рзы Иракли Кобахиӡе визитла Азербаиџьанҟа ддәықәлоит, иаауа амчыбжь азы - Шәамахьтәылашҟа
Хәажәкыра 16 рзы Иракли Кобахиӡе визитла Азербаиџьанҟа ддәықәлоит, иаауа амчыбжь азы - Шәамахьтәылашҟа

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе хәажәкыра 16 рзы визитла Азербаиџьан ддәықәлоит, иаауа амчыбжь азы – Шәамахьтәылашҟа.

Қырҭтәыла аԥыза-министр иажәақәа рыла, агәылацәа рҟны аизыҟазаашьақәа рырҭбаара ихадоу априоритетқәа иреиуп.

“Бриуссель ашҟа авизит ашьҭахь, агәыла-тәылақәа рахь сдәықәлоит. Асабшаҽны Азербаиџьан сдәықәлоит, уи ашьҭахь – Шәамахьтәылашҟа. Ҩганкалатәи еизыҟазаашьақәа ирызку азҵаарақәа ҳрыхцәажәоит. Арегион аҟны аҭынчра ахьчара зегь реиҳа ихадароуп, ҳтәыла ари аус аҿы ароль ду нанагӡоит. Ҩганкалатәи еизыҟазаашьақәа рырҭбаареи аҭынчра ахьчареи, ҳрегион аҟны аҭагылазаашьа аҭышәынтәаларазы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит”, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр .