Иракли Ӷарибашвили -  Ақырҭуаа рзы абызшәа аҵак ҷда амоуп, уи еснагь ҳахьчон, ари иасимволхеит 1978 шықәса мшаԥы 14
Иракли Ӷарибашвили - Ақырҭуаа рзы абызшәа аҵак ҷда амоуп, уи еснагь ҳахьчон, ари иасимволхеит 1978 шықәса мшаԥы 14

Ақырҭуаа рзы абызшәа аҵак ҷда амоуп, уи еснагь ҳахьчон, ари иасимволхеит 1978 шықәса мшаԥы 14 – авторитартә режим ахаан ажәлар шьақәдырӷәӷәаз аҳәынҭқарратә бызшәа амш, – иануп Қырҭтәыла аԥыза0министр Иракли Ӷарибашвили иҟаиҵаз аҳәамҭа аҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, ақырҭуа цыԥхьаӡа иуалуп абызшәа патуқәҵарала азныҟәареи ахьчареи.

„Абызшәа амилаҭ аидентра дырга хадас аарԥшуп. Ақырҭуаа рзы абызшәа аҵак ҷда амоуп, уи еснагь ҳахьчон, ари иасимволхеит 1978 шықәса мшаԥы 14. Усҟан иаҳгаз аиааира иабзоураны, ақырҭуа бызшәа мацара акәым, егьырҭ ареспубликақәа рбызшәақәагьы аҳәынҭқарратә статус ахьчара рылшеит.

Ақырҭуа цыԥхьаӡа иуалуп абызшәа патуқәҵарала азныҟәареи ахьчареи.” – иануп Иракли Ӷарибашвили иҳәамҭа аҿы.