Импыҵахалоу Аҧсны де-факто атәыла ахада ицхырааҩ Лаша Сақаниа апартиа "Апатриотцәа ралианс" ахаҭарнакцәа дахьырҧылаз аҟынтә имаҵура аанижьит
Импыҵахалоу Аҧсны де-факто атәыла ахада ицхырааҩ Лаша Сақаниа апартиа “Апатриотцәа ралианс” ахаҭарнакцәа дахьырҧылаз аҟынтә инапынҵақәа шьҭеиҵеит. Ари атәы аарыцҳаит аҭыҧантәи аих.
Лаша Сақаниа хҳәаак ҟаиҵеит,”Апатриотцәа ралианси” иареи реиԥылара агуманитартә ҟазшьа шамаз ахьиҳәо.
“2020 шықәса нанҳәамза 18 рзы урыстәылатәи сҩызцәа бзиақәак сыҳәеит Қырҭтәылантәи Елыртәи аныхахь Анцәа иан лныхачаԥа ҳамҭак аҳасабала аагараҟны ацхыраара ҟасҵарц. Уи азы Давид Тархан-Моурави дара дышрыдҵаалаз сарҳәеит. Убри аҵыхәалоуп сҩызцәа сара изсыҳәаз уи аныхачаԥа арахь аагара аус аҟны срыцхраарц. Убас иагьыҟасҵеит, уа ҳаимадарагьы нҵәеит”, – ҳәа азгәеиҭеит Лаша Сақаниа.