Импыҵaхaлоу Аҧсны де-фaкто Апарламент Рaуль Ҳаџьымба  имаҵура шьҭеиҵаразы ақәҵара рыдыркылеит
Импыҵaхaлоу Аҧсны де-фaкто Апарламент Рaуль Ҳаџьымба имаҵура шьҭеиҵаразы ақәҵара рыдыркылеит

Импыҵaхaлоу Аҧсны де-фaкто Апарламент Рaуль Ҳаџьымба имаҵура шьҭеиҵаразы ақәҵара рыдыркылеит. Апроект инақәыршәаны Аҧсны де-фaкто ахада иахь ааԥхьара ҟарҵеит инапынҵақәа шьҭеиҵарц азы. Абри азы рыбжьы рҭиит 19-ҩык адепутатцәа, ԥшьҩык аҿагылеит, аӡәы иҽацәхьеикит.

Аҧсны де-фaкто  Апарламент 35ҩык адепутатцәа рыла ишьақәгылоуп.

Жәацы импыҵахлоу Аԥсны имҩаԥысит де-факто ахада иалхразы аҩбатәи атур. Аԥсны де-факто алхратә комиссиа хада аихшьаалақәа рыла иҳаҩсыз алхрақәа раан Рауль Ҳаџьымба 47,39% алхыҩцәа рыбжьы ирҭеит, аоппозициатә партиа “Амцахара” аԥхьагыла Алхас Кәыҵниа – 46,17%.

Иацы зықьҩык инарзынаԥшуа аоппозициаа рхаҭарнакцәа Рауль Ҳаџьымба Иусбарҭа аҿаԥхьа еизеит, ахыбра аҩналара рҽазыршәеит. Урҭ рыхәҭак ахыбра ашә ԥҽны иҩналеит. Шәҩыла еизаз ауааи ахыбра ахьчаҩцәеи рыбжьара аиҿагыларақәа аҭыԥ рыман. Асоциалтә каҭаҿы аоппозициаа рыдгылаҩцәа импыҵахлоу Аҧсны де-факто ахада иусбарҭа ахыбрахь рыҩналара зныҧшуа авидеонҵамҭақәа аладырҵәеит.

2019 шықәса цәыббра 8 рзы Аԥсны имҩаԥысит атәыла ахада иалхразы аҩбатәи атур. Аԥсны алхратә комиссиа хада аихшьаалақәа рыла иҳаҩсыз алхрақәа раан Рауль Ҳаџьымба 47,39% алхыҩцәа рыбжьы ирҭеит, аоппозициатә партиа “Амцахара” аԥхьагыла Алхас Кәыҵниа – 46,17%.Цәыббра 11 рзы Кәыҵниа Алхратә комиссиа хада дазашшит. Цәыббра 20 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ ахәаԥшра мап ацәнакит. Жьҭаара 7 рзы Кәыҵниа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбра дахашшаауа ахашшааратә шшыԥхьыӡ ҟаиҵеит. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿ аилатәара хацнаркит ахашшааратә инстанциа Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ аганахь ала.