Рaуль Ҳаџьымба ипресс-маҵзура де-фaкто Апарламент ақәҵаразы: атәылаҿы аҭагылазаашьа еицәанатәуеит
Рaуль Ҳаџьымба ипресс-маҵзура де-фaкто Апарламент ақәҵаразы: атәылаҿы аҭагылазаашьа еицәанатәуеит

Импыҵaхaлоу Аҧсны де-фaкто Апарламент ақәҵара инадҳәаланы де-фaкто ахада  Рaуль Ҳаџьымба ипресс-маҵзура аҳәамҭа рыланарҵәеит.

“Апарламент иҟанаҵаз аҳәамҭа, ԥхьаҟазы аҭынчра аҭышәныртәалара иазырхоуп ҳәа хықәкны ишазгәаҭоугьы ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа еиҳагьы еицәанатәуеит, атәылазы еиҭакшьа змам ахҭысқәа ахылҿиаар ҟалоит”, – аҳәоит аҳәамҭаҿы.

Аҳәамҭаҿ иара убасгьы иазгәаҭоуп аоппозициаа рхаҭарнакцәа изныкымкәа ишазгәарҭахьаз Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбра ҳазыԥшуеит ҳәа. “Аӡбарҭаҿы рҭахрақәа лҵшәа шырмоуаз дыруа дара ирыӡбеит арадикалтә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара”, – аҳәоит Аҧсны де-фaкто ахада  Рaуль Ҳаџьымба ипресс-маҵзура аҳәамҭаҿы. Азеиԥшмилаҭтә ҳәоуеиқәшәара алыршаразы Аҧсны де-фaкто ахада  Рaуль Ҳаџьымба иазиԥхьаӡоит азҵаарақәа зегьы ҭынч ирылацәажәатәуп ҳәа.

Импыҵaхaлоу Аҧсны де-фaкто Апарламент Рaуль Ҳаџьымба имаҵура шьҭеиҵаразы ақәҵара рыдыркылеит. Апроект инақәыршәаны Аҧсны де-фaкто ахада иахь ааԥхьара ҟарҵеит инапынҵақәа шьҭеиҵарц азы. Абри азы рыбжьы рҭиит 19-ҩык адепутатцәа, ԥшьҩык аҿагылеит, аӡәы иҽацәхьеикит.

Аҧсны де-фaкто  Апарламент 35ҩык адепутатцәа рыла ишьақәгылоуп.

Жәацы импыҵахлоу Аԥсны имҩаԥысит де-факто ахада иалхразы аҩбатәи атур. Аԥсны де-факто алхратә комиссиа хада аихшьаалақәа рыла иҳаҩсыз алхрақәа раан Рауль Ҳаџьымба 47,39% алхыҩцәа рыбжьы ирҭеит, аоппозициатә партиа “Амцахара” аԥхьагыла Алхас Кәыҵниа – 46,17%.

Иацы зықьҩык инарзынаԥшуа аоппозициаа рхаҭарнакцәа Рауль Ҳаџьымба Иусбарҭа аҿаԥхьа еизеит. Асоциалтә каҭаҿы аоппозициаа рыдгылаҩцәа импыҵахлоу Аҧсны де-факто ахада иусбарҭа ахыбрахь рыҩналара зныҧшуа авидеонҵамҭақәа аладырҵәеит. 2019 шықәса цәыббра 8 рзы Импыҵaхaлоу Аԥсны имҩаԥысит де-фaкто ахада иалхразы аҩбатәи атур. Импыҵaхaлоу Аҧсны де-фaкто алхратә комиссиа хада аихшьаалақәа рыла иҳаҩсыз алхрақәа раан Рауль Ҳаџьымба 47,39% алхыҩцәа рыбжьы ирҭеит, аоппозициатә партиа “Амцахара” аԥхьагыла Алхас Кәыҵниа – 46,17%.Цәыббра 11 рзы Кәыҵниа Алхратә комиссиа хада дазашшит. Цәыббра 20 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ ахәаԥшра мап ацәнакит. Жьҭаара 7 рзы Кәыҵниа Импыҵaхaлоу Аҧсны де-фaкто  Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбра дахашшаауа ахашшааратә шшыԥхьыӡ ҟаиҵеит. Импыҵaхaлоу Аҧсны де-фaкто Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿ аилатәара хацнаркит ахашшааратә инстанциа Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ аганахь ала.