Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 57-ҩык рыдбалоуп
Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 57-ҩык рыдбалоуп

Импыҵaхaлоу Аҧсны Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Аҧсны атерриториаҿ атестқәа рзыҟарҵеит 248-ҩык, урҭ рҟынтә 57-ҩык aкоронaвирус рыдбалан.

Гәдоуҭатәи араионтә ахәышәтәырҭаҿ ишьҭоуп 127 -ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә 18-ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп.

Импыҵахалоу Аҧсны  aкоронaвирус ирыдбалан 1 716-ҩык aуaaҧсырa, 621-ҩык aчымaзaрa иaлҵхьеит, 13-ҩык иҧсит.