Импыҵахалоу Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  - Башар Асад  Инал Арӡынба дақәиргәыҕит араҧтәи атәылақәа рыла Аҧсны азхаҵара дшацхраауа
Импыҵахалоу Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  - Башар Асад  Инал Арӡынба дақәиргәыҕит араҧтәи атәылақәа рыла Аҧсны азхаҵара дшацхраауа

Сириа ахада  Башар Асад  импыҵахалоу Аҧсны анапхгара иақәиргәыҕит араҧтәи атәылақәа рыла Аҧсны азхаҵаразы илшо зегьы шыҟаиҵо. Импыҵахалоу Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адыррала, Башар Асад ари аҳәамҭа ҟаиҵеит визитла Сириаҟа инеиз Инал Арӡынба даниҧылоз.

Иара убас, импыҵахалоу арежим адырра ишану ала,  Башар Асад ҳаҧхьаҟа Аҧсныҟа ааҧхьара ирҭеит.

Импыҵахалоу Аҧсны аинформациа ишану ала, Инал Арӡынбеи Башар Асади ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырҿиара иалацәажәеит. Иара убас,  Урыстәыла Украинаҿ имҩаҧнаго арратә операциа ҷыда ишадгыло азгәаҭаны,  Ааигәатә Мрагылареи адунеи егьырҭ аҭыҧқәеи рҿы иҟоу аимакқәа ирыдҳәаланы Америка ахымҩаҧгашьа иақәыӡбит.