Импыҵахалоу Аҧсны аҵакырадгьылаҿ нанҳәа 1 инаркны ауаажәларратә ҭыҧқәа рҿы аӡсаратә костиумқәа рыла аныҟәара иқәиҭымуп
Импыҵахалоу Аҧсны аҵакырадгьылаҿ нанҳәа 1 инаркны ауаажәларратә ҭыҧқәа рҿы аӡсаратә костиумқәа рыла аныҟәара иқәиҭым. Зыаӡбахәы ҳәоу азакәан аилагаразы ишьақәыргылоуп фнызқь амааҭ ( 165 лари) ахараҧса.
Ари аинформациа аланарҵәеит аҭыҧантәи амедиа.
„Ҳара ауаа ахараҧса рымхра акәӡам хықәкыс иҳамоуп. Ауаа ишахәҭоу еиҧш еилаҳәаны иныҟәозар ҳҭахуп. Ҳтәылауааи ҳасасцәеи аелементартә аҧҟарақәа ирықәныҟәалап ҳәа ҳгәыҕуеит“, – иҳәеит имыпҵахалоу Аҧсны де-факто апарламент алахәыла Дауҭ Хәытаба.