Илиа Дарчиашвили – Жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа даараӡа ишыцәгьоугьы, Қырҭтәыла қәҿиарала инанагӡоит адәныҟатәи ашәарҭарақәа рхылаҧшреи адәныҟаполитикатә ҧыжәарақәа рымҩаҧгареи
Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили ишиҳәаз ала, сынтәа ақырҭуа дипломатцәа аҭагылазаашьа ҷыдаҿ аусура рықәшәеит, урыстәылатәи арратә агрессиа амшала адунеитә аиҿкаара ашәарҭара иҭагылеит.
Аминистр иажәақәа рыла, жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа даараӡа ишыцәгьоугьы, Қырҭтәыла қәҿиарала инанагӡоит адәныҟатәи ашәарҭарақәа рхылаҧшреи адәныҟаполитикатә ҧыжәарақәа рымҩаҧгареи.
«Даҽазнык иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп сынтәа ақырҭуа дипломатцәа аҭагылазаашьа ҷыдаҿ аусура шрықәшәаз. Урыстәылатәи арратә агрессиа амшала адунеитә аиҿкаара ашәарҭара иҭагылеит. Жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа даараӡа ишыцәгьоугьы, Қырҭтәыла қәҿиарала инанагӡоит адәныҟатәи ашәарҭарақәа рхылаҧшреи адәныҟаполитикатә ҧыжәарақәа рымҩаҧгареи», — иҳәеит Илиа Дарчиашвили «аминистр исааҭ» аформатаҿ апарламент аҿы данықәгылоз.
Аминистр иажәақәа рыла, иҳаҩсыз ашықәс азы Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, апартниор-тәылақәеи аиҿкаарақәеи рыцхыраарала, активла аус ауан атәыла ахьыҧшымра арҕәҕәареи, аҵакырадгьылтә акзаара аиҭашьақәыргылареи, адеокупациеи, урыстәыла-қырҭтәылатәи аимак аҭынчмҩала аҭыҧқәҵареи азы.