Илиа Дарчиашвили – Украина ирыдыркылаз аӡбара ҵаҵӷә амаӡам, аҩызцәа абас рызныҟәара ҟалом
«Ҳара, ҧасеиҧш, ҳаҧхьаҟагьы Украина ҳадгылоит. Уи ҳара ҳҭакҧхықәроуп, апартниор ишахәҭоу еиҧш изныҟәароуп. Ҳара ҭакҧхықәрада, ииашамкәа иҳазныҟәаргьы, ари аполитика наҳагӡоит», — иҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили.
Дарчиашвили иҳәамҭала, Саакашвили иус иадҳәаланы зегьы еилкаауп, Украина ирыдыркылаз аӡбара изакәызаалак шьаҭак аҵам.
«Украина ирыдыркылаз аӡбара изакәызаалак шьаҭак аҵам. Аҩызцәа абас урызныҟәыр ҟалом. Ишаҧу еиҧш, ҳара уаанӡагьы украинатәи аполитикцәақәак рҟынтәи Қырҭтәыла иадҳәаланы ииашамыз, иузеилымкааша аҳәамҭақәа ҳаҳауан. Ҳарам ишаҧу еиҧш, ҳҭынчуп. Аиҩызаратә жәлари атәылеи абасоуп ҳашрызныҟәо. Ҳаҧхьаҟа, ҩ-ганктәи аформатаҿ арҭ азҵаарақәа рылацәажәара алшара ҳауеит, аха, иахьазы ҳпозициа шәаҳаит. Ҳара ақәҿыҭра ҟаҳҵом. Ишаҳҳәаз еиҧш, хара имгакәа ацҳаражәҳәаҩ Қырҭтәылаҟа дхынҳәуеит», — иҳәеит Илиа Дарчиашвили.