Илиа Дарчиашвили Мевлуд Чавушоӷлу диԥылеит
Илиа Дарчиашвили Мевлуд Чавушоӷлу диԥылеит

Ҭырқәтәыла аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны,  Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчишвили Ҭырқәтәыла  Адәныҟатәи аусқәа рминистр Мевлуд Чавушоӷлу диԥылеит.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, аиԥылараҿ гәахәара ду ала иазгәаҭан ҩтәылак ирыбжьоу астратегиатә партниорра аҵак ду шамоу.

Аминистрцәа Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара зыҩаӡара ҳараку аизыҟазаашьақәа рактивхара ахәшьара ду арҭеит. Даҽазнык ахәҽьара бзиа аҭан Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Ҭырқәтәыла ивизит.

Иара убас ахәшьара ду аҭан астратегиатә суеицура ахеилак аусзура, аиԥылараҿ ҷыдала изааҭгылеит Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи аусеицура априоритеттә хырхарҭақәа, урҭ иреиуоуп ахәаахәҭра-економикатә аимадарақәеи, урҭ рырҭбаареи,  -аарыцҳаит аминистрра аҟынтә