Илиа Дарчиашвили – Импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирықәынхо ауааҧсыра ауаҩытәыҩса изинқәа реилагара ахгара рықәшәоит
Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили, Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара аминистрцәа рхеилак 30-тәи аиҧылара алахәылацәа рҿаҧхьа дықәгылеит. Аминистр Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа рымпыҵахалара асахьала атәыла аҿаҧхьа иқәгылоу апроблемақәеи Қырҭтәыла иаҿагылаз агрессиа иахылҵыз алҵшәа цәгьақәеи дрылацәажәеит.
Аминистр ишиҳәаз ала, 2008 шықәсазы Урыстәыла Қырҭтәыла иаҿагыланы имҩаҧнагаз зымҽхак дууз арратә агрессиа жәларбжьаратәи апҟарақәа рышьаҭала ишьақәгылаз аиҿкаара еиланагеит, уи иашьҭагылан 2014 шықәсазы Ҟрым аннексиеи уажәы Украина имҩаҧысуа агрессиатә еибашьреи.
Аминистр ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла иаҿагылаз Урыстәылатәи агрессиа – аибашьра хьшәашәа ашьҭахь амч ахархәарала ихьыҧшым аҳәынҭқарра аҳәаақәа рыҧсахра раҧхьатәи аҽазкран.
Дарчиашвили ишазгәеиҭаз ала, 15 шықәса еиҳаны иҵхьеит Урыстәыла, жәларбжьаратәи зин ахадаратә принципқәеи анормақәеи еилаганы, Қырҭтәылатәи арегионқәа – Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рымпыҵахалара нанагӡоижьҭеи.
„Импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирықәынхо ауааҧсыра ауаҩытәыҩса изинқәа реилагара ахгара рықәшәоит. Ауацәеи, ақыҭанхамҩатә адгьылҭыҧқәеи аихатә ҭелқәа рыла еиҟәшоуп, ауаа ауахәамақәа рҿы аныҳәареи рхы иақәиҭны аиҭаҵреи азин рырҭом. Ауаа закәандарала раанкылареи рымҵарсреи абжьааҧнытә практикас иҟалеит, абри зегьы ауаҩы иҧсҭазааразы шәарҭоуп. Гори амуниципалитет Кирбали ақыҭа иазааигәаны Урыстәыла ампыҵахалатә мчқәа рзы Қырҭтәыла аҭынчуаҩ Ҭамаз Гинтури ишьра аҵыхәтәантәи афакт ақырҭуаа ирҿагылоу даҽа амчыларатә актк ауп“, – иҳәеит Илиа Дарчиашвили.
Илиа Дарчиашвили данықәгылоз, даҽазнык иазгәеиҭеит Қырҭтәыла Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло, Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара апринципқәа ишрызгәыку.