Илиа Дарчиашвили иапониатәи иколлега диҧылеит
Илиа Дарчиашвили иапониатәи иколлега диҧылеит

 

Токио ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили иапониатәи иколлега Иосимаса Хаиаси диҧылеит.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа инақәыршәаны,  ақырҭуа министр иапониатәи иколлега адкылара бзиазы ҭабуп ҳәа иаҳәаны, Қырҭтәылеи Иапониеи кыршықәсатәи реиҩызареи рпартниорреи азгәеиҭеит.

«Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла аинвестициатә потенциал ду амоуп, иапониатәи аган ари ахырхарҭала аусеицура арҭбаара иазҿлымҳауп.

Илиа Дарчиашвили иапониатәи аган ҭабуп ҳәа реиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы. Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы Иапониа аиҳабыра Қырҭтәыла иазоурышьҭуа ацхыраара аҵакы», – иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.