Илиа Дарчиашвили - Ҳтәыла европатәи аҧеиҧши европатәи аперспективеи зегьы иазхарҵоит
«Агәра шәсыргар сҭахуп аҵыхәтәантәи амзазы ҳпартниорцәа рҟны имҩаҧызгаз ҩ-ганктәи аиҧыларақәа зегьы раан аоптимизм ду аарҧшын, рызынтәгьы иазхарҵеит ҳтәыла европатәи аҧеиҧши европатәи апеспективеи, ҳпартниорцәа Қырҭтәыла европатәи аҭаацәараҿы ирбоит», — иҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили.
Илиа Дарчиашвили ишазгәеиҭаз ала, Евроеидгыла атәылақәа, Қырҭтәыла апартниорцәа рконсенсус ашьаҭала, аполиткиатә аӡбара рыдыркылароуп.
«Аҭагылазаашьа даараӡа иуадаҩуп, арегионалтә шәарҭадара аганахьала аҭагылазаашьа цәгьоуп, убри аҟынтә, европатәи ҳпартниорцәа реиҳара абри аконтекст аҿы ҳазҵаара иахәаҧшуеит. Рыӡбара ҳазыҧшыроуп. Ихаҳарҭәааз азҵаабҕьыц иадҳәаланы адокумент армазеира иаҿуп, ҳпартниорцәа рыӡбара ҳазыҧшыроуп», — иҳәеит Дарчиашвили.