Илиа Дарчиашвили Европа Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ хада Мариа Пеичинович-Бурич дылҧылеит
Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Европа Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ хада Мариа Пеичинович-Бурич дылҧылеит.
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адыррала, аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рызҵаареи, аҭынчмҩала аимак аҭыҧқәҵареи, агәреибагара аиҭашьақәыргылара иазку апроектқәеи рҿы ари аиҿкаара инанагӡо ароль ду.
«Иара убас, аиҧылараҿы иазааҭгылеит Қырҭтәыла ала 12 абжьагарақәа рынагӡара апроцесси ари аганахьала иҟоу алҵшәақәеи. Аминистр ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла апрогресс иахәҭоу ахәшьара аҭаны, ашықәс анҵәамҭаз атәыла акандидат астатус анаршьап ҳәа дгәыҕуеит. Аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа даҽазнык ишьақәдырҕәҕәеит аусеицура анагӡара ишазыхиоу», — иануп Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.
Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили жьҭаара 3-4 рзы аусуратә визитла Страсбург дыҟан.