Илиа Дарчиашвили Чехиа даҭаауеит мшаҧы 13-14 рзы
Илиа Дарчиашвили Чехиа даҭаауеит мшаҧы 13-14 рзы

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Чехиа даҭаауеит мшаҧы 13-14 рзы. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Аусбарҭа адыррақәа рыла, авизит аҳәаақа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Чехиатәи иколлега Иан Липавски диҧылоит, анеҩс, аминистрцәа апресс-конференциа мҩаҧыргоит.

«Иара убас, Илиа  Дарчиашвили, Чехиатәи ареспублика европатәи аусқәа рзы аминистр  Микулаш  Беки  апарламент аҿы иҟоу адепутатцәа рпалата ахантәаҩы Маркета  Пекарова  Адамови дырҧылоит», — иануп Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.