Илиа аҩбатәи - Қырҭтәыла аҭынчра ахьчара ахьаҭаху ҳадгылоит, ари наҟ-наҟгьы нагӡахароуп
Илиа аҩбатәи - Қырҭтәыла аҭынчра ахьчара ахьаҭаху ҳадгылоит, ари наҟ-наҟгьы нагӡахароуп

Жәларбжьаратәи амасштаби икоркрету арегионқәеи рҿы аҭагылазаашьа даара ицәгьоуп, ишәарҭоуп, ари афон аҿы Қырҭтәыла аҭынчра ахьчара ахьаҭаху ҳадгылоит, ари наҟ-наҟгьы нагӡахароуп, — иҳәеит Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Илиа аҩбатәи Қырҭтәыла аиашахаҵаратә уахәама ишьоу Синод аилатараҿы.

Ари азҵааразы Синод аилатәараҿ дықәгылеит амитрополит Шио Муџьири.

«Иԥшьоу Синод апозициа шәыдасгалоит: Украина аганахьала Урыстәыла аибашьра ианалагаҵәҟьа,  Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Илиа аҩбатәи аимак зыԥшра ҟамҵакәа аҟәыҵра иазкыз аҳәамҭа ҟаиҵеит

Иахьа, Ааигәа Мрагылараҿ ахҭысқәа рымҽхак ҭбаахоит, ишәарҭоу аглобалтә ҭагылазаашьа шьақәгылоит, уи адунеи зегьы ашәарҭа ҭаднаргылоит.

Украинеи Газа асектори рҿы аҭыԥ змоу ахҭысқәа аԥсыҭбарақәа рацәаны рыцуп. Иҭахеит аруаа мацара акәымкәа, аҭынч уааԥсыреи – ахәыҷқәеи зықәра инеихьоу ауааԥсыреи, аҭыԥ амоуп адин шьаҭас измоу амчылара.

Аибашьра иацу аԥсыҭбарақәа ҳгәы ҳнархьоит, ари иазкны адашшылара ҟаҳҵоит. Атеррори, агәымбылџьбареи, аиашамреи ҳаҿагылароуп, ари адгылара ацивилизациа змоу адунеи аҿы аҭыԥ амамзароуп», — иануп Синод аҳәамҭа аҿы.