Илиа аҩбатәи - Ачгара ду ааигәахоит, уи ашықәс зегьы иалагӡаны зегьы реиҳа зҵакы дуу аамҭоуп, шәгәалақәа шәхашәыршҭ, шәеинаал, ацәгьа зҳәо аҭак рышәымҭан, шәныҳәара иацышәҵа
Ачгара ду ааигәахоит, уи ашықәс зегьы иалагӡаны зегьы реиҳа зҵакы дуу аамҭоуп, шәгәалақәа шәхашәыршҭ, шәеинаал, ацәгьа зҳәо аҭак рышәымҭан, шәныҳәара иацышәҵа, – иазгәаҭоуп Ачгара ҿыц алагара аҧхьа Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх иҟаиҵаз ааҧхьараҿы.
„Ачгара ду ааигәахоит, уи ашықәс зегьы иалагӡаны зегьы реиҳа зҵакы дуу аамҭоуп.
Қьырса ибзахара аныҳәа ду ишахәҭоу еиҧш ҳаҧыларц азыҳәан, ақьырсианцәас зхы зыҧхьаӡо ауааҧсыра зегьы ачгара иҵалароуп.
Шәгәалақәа шәхашәыршҭ, шәеинаал, ацәгьа зҳәо аҭак рышәымҭан, шәныҳәара иацышәҵа.
Зегьы Анцәа шәиныҳәааит, шәыгәнаҳақәа шәхихааит, Анцәа имаҵ ауразы амч шәиҭааит. Саргьы сыгәнаҳақәа схихааит. Еснагь шәара шәзы иныҳәо Илиа аҩбатәи“, – иануп Апатриарх иҟаиҵаз ааҧхьараҿы.