Иҟоу дыррақәа рыла, Шьамтәыла адгьылҵысраан  237-ҩык ҭахеит
Иҟоу дыррақәа рыла, Шьамтәыла адгьылҵысраан 237-ҩык ҭахеит

Шьамтәыла адгьылҵысраан 200-ҩык иреиҳаны ҭахеит, – аанацҳаит Шьамтәыла Агәабзиарахьчара аминистрра.

Аусҳәарҭа аинформациала, Шьамтәыла адгьылҵысраан 237-ҩык ҭахеит. Аԥхасҭа зауз апровинциақәа иреиуоуп Алеппо, Латакиа, Ҳама, Тартус.

Ахәышәтәырҭахь инагоуп 600-ҩык иреиҳаны. ЕАШ агеологиатә маҵзура аинформациала, адгьылҵысра 7.8 амагнитуда амч аамн.

Ҭырқәтәылатәи аган аинформациала, адгьылҵысраан иҭахеит 76-ҩык, 440-ҩык ахәрақәа роуит.