Иерусалми даҽа жәыларак ҟалеит, ахәрақәа роуит ҩыџьа
Иерусалми даҽа жәыларак ҟалеит, ахәрақәа роуит ҩыџьа

Аихқәа ишаарыцҳаз ала, Иерусалми даҽа жәыларак ҟалеит, ахәрақәа роуит ҩыџьа атәылауаа – 22 шықәсеи 45 шықәсеи зхыҵуаз ахацәа. Урҭ рҭагылазаашьа цәгьоуп.

Аларҵәара зауз аинформациа ала, ахысра далагеит 13 шықәса зхыҵуаз ақәыԥш. Уи даанкылоуп.

Уахынла, Иерусалим, Синагога ааигәара ахысра ҟалеит. Ахысраан бжьҩык ҭахеит, хҩык ахәрақәа роуит, урҭ рҭагылазаашьа цәгьоуп. Израиль аполициа ахысрақәа атеракт ахәшьара арҭеит.